АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА ИҶЫДОУ АДҴАҚӘА РЫНАГӠАРАЗЫ АОТРИАД АҾЫ АТАКТИКА-ҶЫДАЛКААТӘ ЗЫҞАҴАРАҚӘА МҨАԤЫСИТ
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар идҵа инақәыршәаны, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура иҷыдоу ахыдҵақәа рынагӡаразы аотриад аҽазыҟаҵаратә база аҿы атактика-ҷыдалкаатә зыҟаҵарақәа мҩаԥысит.
Мышқәак ирылагӡаны Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура иҷыдоу адҵақәа рынагӡаразы аотриад аруаа аотриад аҽазыҟаҵаратә база аҿы еиԥш Аладатәи Ешыра ақыҭан иҟоу ахысратә дәы аҿгьы амцатә, абҩарҵәыратә, атактика-ҷыдалкаатә зыҟаҵарақәа ирхысит.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА АРУАА РЕИШЬҬАГЫЛА АҞӘА АҚАЛАҚЬ ИМҨАԤЫСЫЗ АПАРАД АҾЫ ШЬАҾЕИҚӘШӘАЛА ИИАСИТ
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АХЬЧАРАТӘ МАҴЗУРА ХАҬАЛАТӘИ АИЛАЗААРА АХАҚӘИҬРА АШҬАҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АПАРАД АРЕПЕТИЦИА ХАДА АХЫ АЛАНАРХӘИТ
Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура рыраанеишьҭагылақәа цәыббрамза 30 рзы имҩаԥысуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку Апарад арепетициа Хада ахы аланархәуеит.
Араанеишьҭагыла ахаҿы дгылан амаиор Рашид Ҭаркьыл. Арепетициа амҩаԥысшьа гәеиҭон Аҳәынҭқарратә ахьчаратә Маҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар.
© Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыратә Еимадара Агентра